Каха Калаӡе  - Адеолигархизациеи  "адебиӡинизациеи" иалацәажәо Европарламент адепутатцәа ҳтәыла аҩызцәа ракәушәа рхы аадырҧшуеит, аха, аиашаз, ҳтәыла иаҕацәоуп
Каха Калаӡе  - Адеолигархизациеи  "адебиӡинизациеи" иалацәажәо Европарламент адепутатцәа ҳтәыла аҩызцәа ракәушәа рхы аадырҧшуеит, аха, аиашаз, ҳтәыла иаҕацәоуп

«Ақырҭуа гәахәтәы» амаӡаныҟәгаҩ хада  Каха Каладзе иҳәамҭала,  анапхгаратә гәыҧ иаҭаху зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла акандидат астатус аиурцаз.

Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Евроеидгыла Қырҭтәыла иазышьақәнаргылаз апунктқәа ирыдҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

«Ҳара адеолигархизациа иадҳәаланы изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟаҳҵахьеит. Анапхгаратә гәыҧ иаҭаху зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла акандидат астатус аиурцаз», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара убас,  Каладзе иазҵааит Қарҭтәи жәларбжьаратәи аконференциа  «Нагӡара ақәзааит Украина» иалахәы Европарламент алахәылацәа адеолигархизациеи  «адебиӡинизациеи» ианалацәажәо иара ари афакт иахиҳәаауа.

Кахи Калаӡе иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аконференциа иалахәы Қырҭтәыла аҕацәа роуп, Қырҭтәыла хаангьы ахатә хырхарҭа аҧсахуам.

«Зыӡбахәы ҳәоу аконференциа иалахәы Қырҭтәыла аҩызцәа ракәушәа рхы аадырҧшыр рҭахуп,  аха,  аиашаз,  ҳтәыла  аҕацәа роуп, Қырҭтәыла хаангьы ахатә хырхарҭа аҧсахуам.  Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи,  авизадатә режим ашьақәыргылареи,  егьырҭ ареформақәа рымҩаҧгареи азы иаҭахыз зегьы ҟарҵеит. Атәыла ареформақәа рымҩаҧгара нанагӡоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.