Карл Харцель – Саакашвили идҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳаргәамҵуеит
Карл Харцель – Саакашвили идҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳаргәамҵуеит

«Евроеидгыла Михаил Саакавшвили идҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыцклаҧшуеит. Абарҭ ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аҵакы ду амоуп,   аконсилиум иалахәы аҳақьымцәа иҟарҵаз абжьагарақәа хымҧада инагӡатәуп.

«Михаил Саакашвили изинқәа шырыхьчо ҳацклаҧшуеит. Жәлар рыхьчаҩ лҳәамҭақәеи,  иара убас,  абахҭатә хәышәтәырҭашҟа ииагара ашьҭахь  Михаил Саакашвили ихаҭа иҟаиҵо аҳәамҭақәеи  ҳрыцклаҧшуеит. Акадрқәа зегьы аабеит. Зҵаарақәак ҳазцәырҵит,  абри аус аҿы зегьы реиҳа ихадоуп аҭыҧантәи азакәани,  иара убас,  Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аконвенциеи рықәныҟәара», — иҳәеит  Карл Харцель.