Карл Харцель Аҷара Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы диҧылеит
Карл Харцель Аҷара Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель, Баҭым, Аҷара  Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Давиҭ Габаиӡе диҧылеит.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра адырра ала, Евроеидгылеи ЕАР Аҿиара апрограммеи рфинанстә цхыраара ала, Аҷара Иреиҳаӡоу Ахеилак,  кыраамҭатәи аҿиара астратегиеи ауснагӡатәқәа рплани еиқәдыршәеит, иара убас, Иаарту анапхгарҭара ҳаамҭазтәи апринципқәа аладырҵәеит.

Аҷара авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Карл Ҳарцель Евроеидгыла аҧарала имҩаҧысуа апроектқәа рынагӡаҩцәеи, Аҷара аиҳабыра алахәылацәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи амедиеи рхаҭарнакцәеи дырҧылоит.