Карин Жан-Пиер - Қырҭтәыла апарламент антидемократиатә закәан иақәыз авето аиааира аӡбара ахьаднакылаз ҳгәы хшәеит, аха абжьыҭира алҵшәақәа џьашьатәыс иаҳзыҟамлеит
Қырҭтәыла апарламент антидемократиатә закәан иақәыз авето аиааира аӡбара ахьаднакылаз ҳгәы хшәеит, аха абжьыҭира алҵшәақәа џьашьатәыс иаҳзыҟамлеит, – илҳәеит Аҩны шкәакәа апресспикер Карин Жан-Пиер абрифинг аҿы.
Аҩны шкәакәа апресспикер лажәақәа рыла, зықьҩыла ақырҭуаа ари азакәан шыргәамԥхо зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит.
„Қырҭтәыла апарламент антидемократиатә “атәым агентцәа ирызку” закәан иақәыз авето аиааира аӡбара ахьаднакылаз ҳгәы хшәеит, аха абжьыҭира алҵшәақәа џьашьатәыс иаҳзыҟамлеит. Иҳаҩсыз амыбжь азы зықьҩыла ақырҭуаа ари азакәан шырҿагылоз, шыргәамԥхо зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит. Қырҭтәыла аҭоурых аҿы ари зегь реиҳа зымҽхак ҭбааз аҿагыларатә акциан. Ари азакәанԥҵара инақәыршәаны атәылауаҩратә уаажәларра реиҿкаарақәа атәым напхгара рагентцәас аҭаҩра ирықәшәоит. Атәылауаҩратә уаажәларра реиҿкаарақәа адемократиа аҿиареи ахьчареи рҿы ароль ду нарыгӡоит, ари азакәан ала арҭ аиҿкаарақәа ари алшара ирцәыӡуеит. Атәылауаҩратә уаажәларра архәаҽра авторитартә аиҳабырақәа русуп. Ари азакәан еиԥшым агәаанагара архәаҽра ауп хықәкыс иамоу. Ари адемократиа иаҿагылоит. Ари ахҭыс ҳгәы хнашәеит”, – илҳәеит Карин ХЖан-Пиер..