Канадантә иаауа алҩа амзызла, Ниу-Иорки Филадельфиеи рҳаирбаӷәазақәа рҿы аԥыррақәа ахырԥоуп

Ниу-Иорктәи ахада Ерик Адамс Канада иҟоу зымҽхак ҭбаау абнабылра иахҟьаны ауааԥсыра рахь ааԥхььара ҟаиҵеит рыҩнқәа рҿы иаанхарц.

Адамс иажәақәа рыла, Ниу-Иорк азы ари апрецедент змам хҭысуп, ауааԥсыра агәҽанызаара аадырԥшыроуп.

“Ниу-Иорктәи ауааԥсыра рахь ааԥхььара ҟаҳҵеит рыҩнқәа рҿы иаанхарц. Ауааԥсыра адәахьы адәылҵра иҳәаақәырҵароуп. Аԥенџьырқәа шәыркыроуп, аҳауарыцқьаратә системақәа аҿашәкроуп, зықәра инеихьоу ахаҿқәа ма аԥсыԥ лагаҩагара изцәыуадаҩу ахаҿқәа шәдәылымҵын, асабрадақәа ныҟәыжәга”, – иҳәеит Ниу-Иорк ахада.

Канадантә иаауа алҩа амзызла, Ниу-Иорки Филадельфиеи рҳаирбаӷәазақәа рҿы аԥыррақәа ахыԥоуп.

ЕАШ аҟынтә Канада, амцарцәаратә аусурақәа рҽалархәразы амобилизациа рзууп 600-ҩык амцарцәаҩцәа.