Каиа Каллас - Авизадатә редим аԥыхрала ақырҭуа жәлар аԥхасҭа рыҭара ҳҭахым, дара ари ирныруеит, аха Евроеидгыла агәрагара азаарԥшра азҵаароуп
Каиа Каллас - Авизадатә редим аԥыхрала ақырҭуа жәлар аԥхасҭа рыҭара ҳҭахым, дара ари ирныруеит, аха Евроеидгыла агәрагара азаарԥшра азҵаароуп

Авизадатә редим аԥыхрала ақырҭуа жәлар аԥхасҭа рыҭара ҳҭахым, дара ари ирныруеит,  – илҳәеит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас.

“Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәылаҟны авизадатә режим 2017 шықәса инаркны ҳамоуп. Ари, Евроеидгыла атәылақәа ирынаҭо идуӡӡоу привилегиоуп. Қырҭтәыла абжьагарақәа рынагӡара аҭахым, урҭ авизалиберализациа иазку абжьбатәи ҳасабырбаҿ иаагоуп. Урҭ иреиуп атәылауааи аиҿкаарақәеи ашьаҭатәи рзинқәа рыхьчара, урҭ иреиуп агәаанагара араԥшреи аизара азини. Қырҭтәыла аиҳабыра арҭ абжьагарақәа рынагӡаразы аҿҳәара нанҳәанӡа аҳҭеит, аха урҭнармыгӡар нас иҟалоу ҳәа аинтерес цәырҵуеит.

Авизадатә редим аԥыхрала ақырҭуа жәлар аԥхасҭа рыҭара ҳҭахым, дара ари ирныруеит, аха Евроеидгыла агәрагара азаарԥшра азҵаароуп. Ҳабжьагарақәа рынагӡара зҭахым атәыла абри еиԥш апривилегиа, абонус анаҳҭо, ари ақәҿыҭра амазароуп, ауааԥсыра ирбароуп: дара рнапхгара европатәи амҩала ишымцо, Евроеидгыла алаларазы акандидат тәыла астату ишахәҭоу еиԥш азныҟәара шаҭахым”, – илҳәеит Каллас.