Џьуаншер Бурҷулаӡе румынтәылатәи иколлега диҧылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе румынтәылатәи иколлега диҧылеит

 

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Румынтәыла Амилаҭтә хыхьчара аминистр Ангел Тилвар диҧылеит.   Аминистрцәа Болгариа еиҧылеит, уаҟа атәылахьчара аминистрцәа Алада-Мрагыларатә Европа атәылахьчара аминистериал  (SEDM) рхы аладырхәоит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  Амшын еиқәа арегионаҿ ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи ари аганахьала арегион атәылақәа рыбжьара апартниорра арҕәҕәара аҵаки иалацәажәеит.  Аминистрцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, рҽазышәарақәа иаҳа идырҕәҕәоит.

Аминистрцәа Қырҭтәылеи Румынтәылеи атәылахьчара аминистррақәа рыбжьара ҩганктәи аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азун европатәи евроатлантикатәи страуктурақәа рахь Қырҭтәыла алалара аҽазкреи,  ари апроцессаҿ Қырҭтәыла имҩаҧгоу ареформақәеи, уажәазы иҟоу ақәҿиарақәеи.

Џьуаншер Бурҷулаӡе  румынтәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә ҽазышәареи адгыларазы.