Џьуаншер Бурҷулаӡе - Нато аҿы Қырҭтәыла азҵаара ахаан абри еиԥш актуалра амаӡамызт, Украинеи Қырҭтәылеи рҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәа зеиԥшроу, ажәлар иалырхыз амҩаҿ ацхыраара шазыхиоу азгәаҭан
Џьуаншер Бурҷулаӡе - Нато аҿы Қырҭтәыла азҵаара ахаан абри еиԥш актуалра амаӡамызт, Украинеи Қырҭтәылеи рҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәа зеиԥшроу, ажәлар иалырхыз амҩаҿ ацхыраара шазыхиоу азгәаҭан

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, Нато аҿы Қырҭтәыла азҵаара ахаан абри еиԥш актуалра амаӡамызт.

“Ақгыларақәа зегьы рҿы  Украинеи Қырҭтәылеи рҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәа зеиԥшроу, ажәлар иалырхыз амҩаҿ ацхыраара шазыхиоу азгәаҭан,” – иҳәеит Бурҷулаӡе.

Аминистр иажәақәа рыла, зегь реиҳаактуалра змаз теман аибашьра атема.

„Аескалациа акатастрофа алҵыр ҟалоит. Ари еилыркаауеит аҳәынҭқаррақәа зегьы,” – иазгәеиҭеит Атәылахьчара аминистр.

Аминистр ишааицҳаз, аԥыза-министри анапхгаратә гәыԥи ииашоу аполитика рымоуп.

“Ҳпозициа иадҳәаланы азҵаарақәа аӡәгьы имам. Ҳара ахықәкы анагӡара ҳалшоит – ацивилизациа змоу адунеи алалара”, – иҳәеит Џьуаншер Бурҷулаӡе Бриуссель, Нато атәылахьчара аминистериал аҿы.