Џьуаншер Бурҷулаӡе - Иахьа ҳфырхацәа пату рықәаҳҵеит, урҭ рҭаацәарақәа рхылаԥшра шынаҳагӡо ажәа шәаҳҭоит
Џьуаншер Бурҷулаӡе - Иахьа ҳфырхацәа пату рықәаҳҵеит, урҭ рҭаацәарақәа рхылаԥшра шынаҳагӡо ажәа шәаҳҭоит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Мухаҭгверди иҟоу аиашьаратә нышәынҭраӡ днеин, нанҳәатәи аибашьраҿ иҭахаз аибашьцәа пату рықәиҵеит.

„Иахьа ҳфырхацәа пату рықәаҳҵеит, урҭ рҭаацәарақәа рхылаԥшра шынаҳагӡо ажәа шәаҳҭоит. 14 шықәса рышьҭахь ацивидизациа змоу адунеи аҿы иаҳа еиӷны еилыркааит 2008 шықәсазы иаҳа апринциптә позициа шрымамызт. Ари апринциптә поциаиы аарԥшра иахьагьы ҟалоит”, – иҳәеит аминистр.

2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьраан иҭахеит 400-ҩык иреиҳаны. Ақәԥараҿ иҭахақәази ахәрақәа заузи рхыԥҳьаӡара 2232-ҩык иаҟароуп, урҭ рҟынтә 1045-ҩык арратә маҵзуҩцәа роуп.