Џьо Баиден Владимир Путин агәҽанҵара ииҭеит ахимиатә ма атактикатә бџьар  рхы иадмырхәарц
Џьо Баиден Владимир Путин агәҽанҵара ииҭеит ахимиатә ма атактикатә бџьар рхы иадмырхәарц

ЕАШ ахада Џьо Баиден Владимир Путин агәҽанҵара ииҭеит Украина ахимиатә ма атактикатә бџьар рхы иадмырхәарц. Ари атәы Џьо Баиден CBS News аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит.

Џьо Баидент имҳәаӡеит  ахимиатә ма атактикатә бџьар ахарқәара ҟалан, ЕАШ ақәҿыҭра зеиԥшрахо.

CBS адырраҭара „60 минуҭ“ амҩаԥгаҩ Скот Пили Баиден диазҵааит, ахада Путин Украина амассатә нырҵәаразы абџьар иаирхәар, ЕАШ ахада уи иаиҳәо закәи ҳәа.

„Ари ҟашәмҵан“, – иҳәеит Баиден