Џьо Баиден - Аҩбатәи апандемиазы иацҵаны аԥара ҳҭахуп, заанаҵы ҳҽазыҟаҳҵароуп
Џьо Баиден - Аҩбатәи апандемиазы иацҵаны аԥара ҳҭахуп, заанаҵы ҳҽазыҟаҳҵароуп

Аҩбатәи апандемиазы иацҵаны аԥара ҳҭахуп, заанаҵы ҳҽазыҟаҳҵароуп, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден Аҩны шкәакәаҿ имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.

Баиден иажәақәа рыла, иашьҭанеиуа апандемиа аҿагыларазы афинанстә ресурсқәа аҭаххоит.

“Иацҵаны аԥара ҳтахуп. Аха аԥара ахәыҷқәа рвакцинациазы мацара акәым, аҩбатәи апандемиа аҿагыларазы иаҳҭахуп. Заанаҵы ҳҽазыҟаҳҵароуп”, – иҳәеит Баиден.