Џьо Баиден - Аԥеиԥш алхра зин ҳаҭыр зқәуҵо акоуп, Украина мацара акәым, Беларуси, Молдовеи, Қырҭтәылеи, адунеи зегь аҿы ажәлар рыбжьы раҳарц азы ақәԥара нарыгӡоит
Џьо Баиден - Аԥеиԥш алхра зин ҳаҭыр зқәуҵо акоуп, Украина мацара акәым, Беларуси, Молдовеи, Қырҭтәылеи, адунеи зегь аҿы ажәлар рыбжьы раҳарц азы ақәԥара нарыгӡоит

Аԥеиԥш алхра зин ҳаҭыр зқәуҵо акоуп, Украина мацара акәым, Беларуси, Молдовеи, Қырҭтәылеи, адунеи зегь аҿы ажәлар рыбжьы раҳарц азы ақәԥара нарыгӡоит, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден Вильниустәи ауниверситет аҿы данықәгылоз.

Џьо Баиден иажәақәа рыла, иарбанзаалак атәыла агәыла адгьыл мчыла амхра зин амаӡам.

“Украина гәык ала ҳазыҟоуп, ари ԥсахӡом, иԥсыҿхом. Ахақәиҭра ахьчара наҳагӡоит, иахьа, уаҵәы, иахьынӡаҭахо аҟынӡа. Аибашьра ииашо аган аиааирала ихыркәшахар ҳҭахуп – ЕАР ахартиа иахьчо апринципқәа рыла. Урҭ роуп асуверенитет, атерриториатә акзаара. Ари амилаҭтқәа рыбжьара аҭынчра шьақәхыргыло ашьаҭоуп. Иарбанзаалак атәыла агәыла адгьыл мчыла амхра зин амаӡам.

Урыстәыла аибашьра ахыркәшара уаҵәы алшоит, ар алнагалароуп. Урыстәыла макьана адипломатиатә лҵшәақәа раиура а ҭахуп ҳәа иубарҭам. Путин макьана агәра игоит Украинаҿ аиааира агара шилшо. Украинаа рыдгьыл, рԥеиԥш, ртәыла шакәу агәра игом. ЕАШ-и ҳадгылаҩцәеи, ҳпартниорцәеи рыбжьоу аимадарақәа, акзаара шыӷәӷәо ихаиҵом”, – иҳәеит Баиден.