Џьо Баиден аофициалтә ҳәамҭа ҟаиҵеит 2024 шықсатәи апрезиденттә алхрақәа дшалахәхо
Џьо Баиден аофициалтә ҳәамҭа ҟаиҵеит 2024 шықсатәи апрезиденттә алхрақәа дшалахәхо

ЕАШ ахада Џьо Баиден аофициалтә ҳәамҭа ҟаиҵеит 2024 шықсатәи апрезиденттә алхрақәа дшалахәхо.

Џьо Баиден авидеонҵамҭа алаирҵәан, алхраԥхьатәи аицлабра ареспубликатәи аекстремизм иаҿагыланы ақәԥара ауп ҳәа ааицҳаит.

„Ԥшьышықәса раԥҳьа алхрақәа раԥхьа ишысҳәаз, Америка адоуҳазы ҳақәԥон, иахьа ари ақәԥара наҳагӡоит“, – иҳәеит Баиден.

Џьо Баиден ишааицҳаз, икампаниа хықәкы хада ауп – аҵҟьара азин, адемократиеи алхрақәа рыбжьи рыхьчара, америка атәылауаа рзы асоциалтә гарантиақәа рыхьчара.

Џьо Баиден Америка ахада иоуп адемократиатә партиа аҟынтә. 80 шықәса зыхҵуа Баиден Америка аҭоурых аҿы зегь реиҳы зақәра инеихьоу ахада иоуп.