Џьо Баиден аԥсшәаҳәаратә иқәгылара ажьырныҳәа 15 рзы мҩаԥгахоит
Џьо Баиден аԥсшәаҳәаратә иқәгылара ажьырныҳәа 15 рзы мҩаԥгахоит

ЕАШ ахада Џьо Баиден ажьырныҳәа 15 рзы ауааԥсыра рҿаԥхьа дықәгылоит. Ари Баиден аԥсшәаҳәаратә иқәгыларахоит.

Ахада ҿыц Дональд Трамп иинаугураци ажьырныҳәа 20 рзы мҩаԥгахоит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Џьо Баидер ауааԥсыра рҿаԥхьа дықәгылоит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 20:00 рзы.

Уаанӡа Џьо Баиден Евроеидгыла ашҟа аҵыхәтәантәи ивизит аԥихит, уи ажьырныҳәа 9-12 рзы Италиашҟа дцараны дыҟан, аха Калифорниаҿ иҟоу зымҽхак ҭбаау амцакра иахҟьаны, авизит аԥыхын.