Џьаншер Бурҷулаӡе германтәылатәи агрантла иаархәаз арратә техника ибеит
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра Германтәыла Афедерациатә аиҳабыра ргрантла алоџьистикатәи аинџьныртә хархәагақәа аанахәеит.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьаншер Бурҷулаӡеи Қырҭтәыла иҟоу Германтәылатәи Афедерациатә республика ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишериаԥшьбатәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ германтәылатәи агрантла иаархәаз арратә техника ирбеит.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылеи Германтәылеи атәылахьчара ахырхарҭҭала иқәҿиароу аусеицура шрыбжьоу.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии Германтәыла атәылахьчара атташе, авице-полковник Андреас Зебалдии, атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа.
Германтәыла Афедерациатә республика аиҳабыра Enable and Enhance Initiative аҳәаақәа иртагӡаны, германтәылатәи аган 2019 шықәса инаркны Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра афинанстә цхыраара анаҭоит.