Џьо Баиден Маиа Санду дылҧылеит
Џьо Баиден Маиа Санду дылҧылеит

Америка ахада  Џьо Баиден, Варшава,   Молдова ахада Маиа Санду дылҧылеит.

Молдоватәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, атәылақәа рхадацәа Украина имҩаҧысуа аибашьра Молдовазы иамоу анырра иалацәажәеит.

Маиа Санду Америка ахада инарҭбаау аинформациа илҭеит атәылаҿы аҭынчреи ауаажәларратә аиҿкаареи ахьчаразы Молдова анапхгара имҩаҧырго ауснагӡатәқәа ирызкны.

Иара убас, Молдова ахада  Џьо Баиден ҭабуп ҳәа иалҳәеит аенергетикатә кризис алҵразы аҵыхәтәантәи ашықәс азы  Америка аиҳабыра Молдова иазоурышьҭыз  ацхырааразы.

Џьо Баиден  Молдова дыҟан  2011 шықәсазы, Америка авице-ахада иаҳасабала.