Маиа Санду  - Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьра ҟасҵоит зыҧшра ҟамҵакәа Михаил Саакашвили иҧсҭазааразы ахадаратә ҵакы змоу амедицинатә цхыраара ирҭарц
Маиа Санду  - Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьра ҟасҵоит зыҧшра ҟамҵакәа Михаил Саакашвили иҧсҭазааразы ахадаратә ҵакы змоу амедицинатә цхыраара ирҭарц

«Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьра ҟасҵоит зыҧшра ҟамҵакәа Михаил Саакашвили аҳәаанырцә амедицинатә цхыраара ирҭарц», — илҩит Молдова ахада Маиа Санду Твиттер аҿы.

Санду лажәақәа рыла, Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа даараӡа даргәамҵуеит.

«Аӡбаратә процессан Михаил Саакашвили икадрқәа  даараӡа саргәамҵуеит, ишубарҭоу ала, абахҭаҿ игәабзиара аҭагылазаашьа акырӡа ицәгьахеит. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит иҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, аҳәаанырцә ихәышәтәразы аҭагылазаашьақәа еиқәдыршәарц», — илҩит  Маиа  Санду.