Израиль ацҳаражәҳәарҭа – Ақырҭуааи ауриацәеи ирыбжьоу 2600 шықәсатәи аиҩызара иахьагьы, ҷыдала иуадаҩу аамҭазгьы иаарҧшызароуп
Аҭоурых ишаҳнарҵаз ала, иуадаҩӡоу аамҭазы аиҩызареи, аморалтә аҕәҕәареи, атерроризми амчылареи ирҿагыло апозициа ҕәҕәеи ажәларқәа реимадарақәа зырҕәҕәо апринципқәа иреиуп, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәарҭа асоциалтә аҳаҽы иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аиҩызара ажәала мацарала акәымкәа, иуадаҩӡоу аамҭазы ауслагьы иаарҧштәуп.
«Уажәааны аӡәы иҳәеит: Арыцҳараан ауп аҩыза данудыруа. Аиҩызара ажәа бзиақәа мацарала акәымкәа, иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿгьы иҧышәатәуп.
Иран Израиль иаҿагыланы атеррор шымҩаҧнаго уажәакәӡам ианаабаз. Акыршықәса ирылагӡаны Али Ҳаменеи анапхгара ззиуаз арежим акгьы зхарам ауриацәеи егьырҭ аҭынчуааи ирҿагыланы иқәҧоз аиҿкаарақәа ирыцхраауан, аҧара рырҭон, ҳрегион зегьы аҭышәынтәалара еиларгон. Ҳара аиранцәа ракәымкәа, атеррористтә режим ауп ҳазҿагыло.
Ҳара агәыҕра ду ҳамоуп хара имгакәа аиранцәеи, ауриацәеи, ргәылара иҟоу атәылақәеи ҭынч, шәарҭада анхара алшара роуп ҳәа.
Израиль ахатә тәылауаа ршәарҭадара ахьчара нанагӡоит. Аҭоурых ишаҳнарҵаз ала, иуадаҩӡоу аамҭазы аиҩызареи, аморалтә аҕәҕәареи, атерроризми амчылареи ирҿагыло апозициа ҕәҕәеи ажәларқәа реимадарақәа зырҕәҕәо апринципқәа иреиуп.
Ажәларқәа рыбжьара аиҩызара ҳәаақәҵоуп аҧсҭазаареи, аҭышәынтәалареи, аусеицуреи амҩа алызхуа ауааи атеррори, аекстремизми, амчылареи зҭаху ауааи реилыхра алшарала. Аиашаз, гәылацәас иҳамазааша ҳзыӡбом, аха, ҳҩызцәа ралхра ҳалшоит. Ақырҭуааи ауриацәеи ирыбжьоу 2600 шықәсатәи аиҩызара иахьагьы, ҷыдала иуадаҩу аамҭазгьы иаарҧшызароуп», — иануп Израиль ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.