Израиль ашәарҭадаратә мчқәа  Тель-Авив атерракт амҩаҧгаразы ахара зқәыз ахаҵа  дыршьит
Израиль ашәарҭадаратә мчқәа  Тель-Авив атерракт амҩаҧгаразы ахара зқәыз ахаҵа  дыршьит

Израиль ашәарҭадаратә мчқәа  Тель-Авив атерракт амҩаҧгаразы ахара зқәыз ахаҵа  дыршьит. Ари аиформациа аладырҵәеит аҭыҧантәи АИХ.

Амедиа адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа  28 шықәса зхыҵуаз палестинауаҩ иакәын.  Азинхьчаҩцәа иара дырҧшааит мшаҧы  8 шьыжьымҭан,  Тель-Авив  аладатәи ахәҭаҿы.

Мшаҧы 7 рзы  Тель-Авив агәҭаны ахысра иалагеит. Ҩыџьа ауаа ҭахеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 12ҩык ахәрақәа роуит.

Аполициа ари аинцидент атерракт аквалификациа арҭеит. Израиль аҧыза-министр иҳәамҭала,  Тель-Авив ашарҭадаратә ҭагылазаашьақәа ирҕәҕәоуп.