Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр Киев даҭааит
Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр Киев даҭааит

Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ели Коен Киев даҭааит, аибашьра иалагеижьҭеит Коен Украина раԥхьаӡа даҭааит.

Аминистр асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы ишааицҳаз, Киев уи Владимир Зеленскии Адәныҟатәи аусқәа рминистр Димтри Кулебеи дырԥылеит. Иара убас ихы алаирхуеит Киев Израиль ацҳаражәҳәара аартра ацеремониа.

Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр Бучеи Бабии Иари рахь ддәықәлиот.

Аминистр иажәақәа рыла, уи Киве даҭааит Израиль Украинеи украинатәи ажәлары шрыдгыло ааирԥшырц азы.