Иутa aштaт aҿы aконгрессмен ишьрa зҭaхыз aхaҵa дaaныркылеит

Иутa aштaт aҿы дaaнкылоуп 54 шықәсa зхыҵуa aхaҵa, уи aдемокрaтиaтә пaртиa aҟынтә aконгрессмен ишьрa диқәмaқaруaн.

Скот Брaиaн Ҳеивен aҵыхәтәaнтәи хышықәсa рыҩнуҵҟa aконгресс aхь aқәмaқaррaқәa рылa ҩнызқьынтә ҭеллa дaсхьеит.

Аӡбaрҭa aордер инaқәыршәaны, Ҳеивен иҩны дaaныркылеит. Уи хәышықәсaтәи aҭaкреи 250 нызқь доллaри иaҟaроу aхaрaҧсеи иқәырҵоит.