Иунеско иалоу 46 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Урыстәыла анапхгарала Казань имҩаҧысуа Адунеитә ҭынха акомитет  45-тәи асессиа аҽалархәразы мап ркит
Иунеско иалоу 46 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Урыстәыла анапхгарала Казань имҩаҧысуа Адунеитә ҭынха акомитет  45-тәи асессиа аҽалархәразы мап ркит

Иунеско иалоу 46 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Урыстәыла анапхгарала Казань имҩаҧысуа Адунеитә ҭынха акомитет  45-тәи асессиа аҽалархәразы мап ркит.  Ари атәы иануп атәылақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Ашәҟәы авторцәа ишазгәарҭаз ала, Иунеско адыррала, Украина ирбгоуп ма иҧхасҭоуп 53 акультуратә баҟақәа.

«Урыстәыла анапхгарала Казань 45-тәи асессиа амҩаҧгара ҟалом, избанзар, ари атәыла  Украина  «иалкаау ауниверсалтә ҭынха» арбгара иаҿуп». Ҳара ИУНЕСКО ахьӡи акультуратәи аҧсабаратәи ҭынхеи реиқәырхара ҳазхәыцуеит. Убри аҟынтә, абри ашәҟәы знапы аҵазҩыз  атәылақәа Адунеитә ҭынха акомитет  45-тәи асессиашҟа ицом», — иануп ашәҟәы аҟны, уи рнапы аҵарҩит 46 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны.