Елисо Болқваӡе  Иунеско Аҭынчра  ацҳаражәҳәаҩс деиҭалырхит
Елисо Болқваӡе  Иунеско Аҭынчра  ацҳаражәҳәаҩс деиҭалырхит

Акультура азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Елисо Болқваӡе, Иунеско агенералтә директор Одри Азулаи лааҧхьарала, Париж имҩаҧысуа Иунеско амбассадориал лхы алалырхәоит.

Амбассадориал аҿы Елисо Болқваӡе, аҩбатәи аҿҳәарала, Аҭынчра  ацҳаражәҳәаҩс далырхит.

Иунеско  амбассадориал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Болқваӡе ассамблеиагьы  далахәын, уаҟа ауаажәларраҿы акультуреи аҟазареи рроли акультуратә диалог иамоу аҵаки иалацәажәеит.

Акультура азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы,   Иунеско Аҭынчра ацҳаражәҳәаҩ Елисо Болқваӡе,  Париж, акультура аусхкы ахаҭарнакцәа дырҧыланы,  Иунеско апринципқәа ирыдгыло атәыла аҳасабала Қырҭтәыла далацәажәоит.