Италиатәи аҭыжьымҭа Wine News - "Аҩи аҳаҧшьеи  – 8000 шықәсатәи аҭоурых змоу ақырҭуа культура асимвол"
Италиатәи аҭыжьымҭа Wine News - "Аҩи аҳаҧшьеи  – 8000 шықәсатәи аҭоурых змоу ақырҭуа культура асимвол"

 

Италиатәи аҭыжьымҭа Wine News аҿы икьыҧхьуп Қырҭтәыла атуристтә потенциал иазку  астатиақәа рцикл.   Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа адыррала, аҭыжьымҭа ажурналист Қырҭтәыла дыҟан Атуризм администрациа апресс-тур аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа адыррала, ажурналист Қырҭтәыла иазкны иакымкәа астатиақәа рыҩра даҿуп.

«Аҭыжьымҭа  Wine News  аҿы икьыҧхьуп Италиа арегионқәеи, акулинариеи, атуризми иазку астатиақәа.  Есымша ари аҭыжьымҭа иаҧхьоит  40 нызқьҩык ауааҧсыра. Пиер  Мишель Капули хҩык италиатәи ажурналистцәеи Қырҭтәыла иҟан аҩытә фестиваль  «Мерано» (Merano Wine Festival) аҳәаақәа ирҭагӡаны. Сынтәа ари афестиваль, раҧхьаӡа акәны Италиа анҭыҵ имҩаҧган, Қырҭтәыла ари ауснагӡатә ашәмара змоу тәылас иалхын. Афестиваль «Мерано»  Европа раҧхьатәи аҩытә фестиваль ауп, уи  зхаҭабзиара ҳараку еиуеиҧшым ауникалтә аҩқәа раарҧшреи рӡыргареи иазкуп», — иануп Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа аинформациаҿы.