Италиа акоронавирустә инфекциа аларҵәара иалагеит 2019 шықәса абҵаразы
Италиа ачымазарақәа рхылаҧшреи апрофилактикеи ацентр аҭҵаара ҿыц инақәыршәаны, акоронавирустә инфекциа Италиа аларҵәара иалагеит 2019 шықәса абҵаразы.
Атестқәа рылҵшәақәа рыла, Милан инхо ҧшьышықәса зхыҵуа аҷкәын акоронавирус ареспиратортә синдром ҿикааит 2019 шықәса ҧхынҷкәын алагамҭазы, атәылаҿы акоронавирус раҧхьатәи афакт аадырҧшаанӡа хымз раҧхьа. Усҟан аҷкәын абҷы ихьит ҳәа ирыҧхьаӡеит.
Милантәи Абиомедицинатә ҵарадыррақәа рдепартамент аҵарауаа рҳәамҭала, апациентцәа ржәытә анализқәа рыла акоронавирус азы атестқәа ҟаҵан. Алҵшәақәа ишаадырҧшыз ала, Италиа акоронавирус аинфекциа аларҵәара иалагеит 2020 шықәса жәабран азы акәымкәа, 2019 шықәса ҭагалан азы.
Европатәи аконтинент аҿы акороанвирус раҧхьатәи афактқәа шьақәырҕәҕәан ари ашықәс жәабран азы, италиатәи ақалақь Кодоно аҿы. Рашәарамзазы ицәыргаз аҭҵаарақәа инрықәырәшаны, ҧхынҷкәын азы аинфекциа Милани Турини рканализациатә системақәа рҿы иҟан. Иахьазы Италиа акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 1,7 миллионҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 60 000ҩык иҧсит.