Италиа Аԥыза-министр Европа ачемпионат афинал Лондон ацынхәрас, Рим амҩаԥгара дадгылоит
Италиа Аԥыза-министр Марио Драги ишааицҳаз ала, Британиа Ду аҽы акоронавирус аларҵәара арбага ахӡара иахҟьаны, ашьапылампыл азы Европа ачемпионат афинал Лондон ацынхәрас, Рим амҩаԥгара дадгылоит. Ари атәы уи Берлин, Германтәыла аканцлер Ангела Меркели иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциаҿ ааицҳаит. Аинформациа аланарҵәеит “Гардиан”.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Британиа Ду аҿы акоронавирус рыдюалан 10633-ҩык, хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.