Испаниа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара Қырҭтәыла атәылауаа агәҽанҵара рнаҭоит абнақәа рҿы амцакрақәа рактивхара инамаданы, аҭыԥантәи аиҳабыра рыбжьагарақәа ирықәныҟәаларц
Испаниа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара Қырҭтәыла атәылауаа агәҽанҵара рнаҭоит абнақәа рҿы амцакрақәа рактивхара инамаданы, аҭыԥантәи аиҳабыра рыбжьагарақәа ирықәныҟәаларц.
Ацҳаражәаҳәара аланарҵәаз аинформациаҿ ишану ала, Испаниа АҩАР ашәарҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара рыланаҳәеит.
“Испаниатәи аҳраҿ, лымкаала регионқәак рҿы: Галисиа, Кастилиа, Леонсеи, Екстремадуреи рҿы аҭыԥ змоу амцакрақәа ирыхҟьаны, Испаниа АҩАР шәарҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара рыланаҳәеит.
Ҳшәыҳәоит, аҭыԥантәи аиҳабыра рыбжьагарақәа ирызԥхьагәаҭаны, агәҽанҵара аашәырԥшырц, амцакрақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа шәырзааимгәахарц. Ацҳаражәҳәарҭаҿ аус ауеит ацәаҳәа ҷыда: +34691387221; Испаниа ацхыраара ла аҭел: 112“, – иануп аҳәамҭа аҿы.