Ишиашоу адырраҭара аҳкәажә Елизавета аҩбатәи лыԥсыжра ацеремониа аҟынтә
Қырҭтәыла Актәи аканал ахәаԥшцәа аҳкәажә Елизавета аҩбатәи лыԥсыжра ацеремониа аҟынтә ишиашоу адырраҭара рыднагалоит.
Атранслиациа абара ҟалоит Қырҭтәыла Актәи аканал авебдаҟьаҿ – 1TV.GE – Елизавета аҩбатәи Уинӡортәи ахан аҟны анышә дарҭоит.
Ацеремониа рхы аладырхәоит 500 тәыла рлидерцәеи ачинҳаракҩцәеи. Елизавета аҩбатәи лыԥсыжрахь днеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилигьы.
Англиа даҭаахьеит ЕАШ ахада. Британиа ду аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп Канадеи, Австралиеи, Зеландиа Ҿыц рԥыза-министрцәа.
Елизавета аҩбатәи 96 шықәса дшырҭагылаз цәыббра 8 рзы лыԥсҭазаара далҵит.