Ирина Верешьук лҳәамҭала, арратә атҟәацәа реиҭныҧсахлара абзоурала, украинатәи аган    30ҩык дырхынҳәит

Арратә атҟәацәа реиҭныҧсахлара абзоурала, украинатәи аган  30ҩык дырхынҳәит. Ари атәы аалыцҳаит Украина авице-аҧыза  Ирина Верешьук.

Лымкаала, Верешьук ишазгәалҭаз ала, аҩныҟа ихынҳәит 22ҩык украинатәи аруааи ааҩык атәылауаҩратә хаҿқәеи.