Иргороҟва иклиникаҿ ишьҭоу, 21 шықәса зхыҵуа Александре Ҭирқиа иҭагылазаашьа еиӷьхеит
Иргороҟва иклиникаҿ ишьҭоу, 21 шықәса зхыҵуа Александре Ҭирқиа иҭагылазаашьа еиӷьхеит

Иргороҟва иклиника аклиникатә директор Кахабер Ҷелиӡе ишааицҳаз ала, ахәшәтәырҭаҿ ишьҭоу, 21 шықәса зхыҵуа Александре Ҭирқиа иҭагылазаашьа еиӷьхеит, уи ареанимациантә диаргоит.

“21 шықәса зхыҵуа ахаҵа игәабзиара аганахьала апрогресс ду ҳамоуп. Апаралемтрқәа зегьы еиӷьхеит, урҭ рыбжьара аблабара. Аблабара 100%  рыла макьана еиҭашьақәгылам, аха апациент иажәақәа рыла, 60-70% рыла еиҭашьақәгылоуп. Апараметрқәа зегьы иҭышәынтәалоуп. Ареанимациатә департамент аҟынтә уи апалаташҟа диаҳгоит“, – иҳәеит аҳақьым.