Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа  апарламент аҿы ирзыӡырҩуеит
Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа  апарламент аҿы ирзыӡырҩуеит

 

Ҧшьымш ҵуеит апарламент аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет аҿы Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа ирзыӡырҩуеижьҭеи.

Иахьа апарламент аҿы иқәгылоит абыжьбатәии аабатәии акандидатцәа  — Биӡина Стуруеи Лаша Коҷиашвилии.

Апроцесс иацклаҧшуеит Адемократиатә институтқәеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рзы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Авропатәи Аиҿкаара абиуро ахаҭарнакцәа.

Апарламент аҿы акандидатцәа рзыӡырҩра апроцесс хыркәшазаауеит уаҵәы, ҧхынгәы  10  рзы.