Иракли Кобахиӡе Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет аделегациа анапхгаҩи Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет хабарда ибжьаӡыз азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыдеи дырԥылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет аделегациа анапхгаҩы (ICRC) Анн Монтавонии Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет хабарда ибжьаӡыз азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда Аниес Котуи дырԥылеит.
Аиҳабыра рпрессмаҵзура аинформациала, аиԥылараҿы иалацәажәеит хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаареи ралкаареи рзы Қырҭтәылеи Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилаки ирыбжьоу хра злоу аусеицура. Ари апроцесс аҿы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет инанагӡо ароль хада азгәаҭан.