Иракли Кобахиӡе жьҭаара 2 рзы Даниа аҳҭнықалақьаҿ, Коппенгаген имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит
Иракли Кобахиӡе жьҭаара 2 рзы Даниа аҳҭнықалақьаҿ, Коппенгаген имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе жьҭаара 2 рзы Даниа аҳҭнықалақьаҿ, Коппенгаген имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара (EPC) асаммит ихы алаирхәоит.  

EPC 7-тәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиҧшым атәылақәа, урҭ рыбжьара – европатәи атәылақәагьы рлидерцәеи жәларбжьаратәи аинститутқәа рнапхгаҩцәеи аполитикатә диалоги аусеицуреи ацхраара ала европатәи аконтинентаҿ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәара иалацәажәоит.

Асаммит аадыртуеит апленартә сессиала. Иара убас, аишәа гежь аформатаҿ атематикатә дискуссиақәа мҩаҧысраны иҟоуп. Иракли Кобахиӡе „Аекономикатә шәарҭадара  – европатәи ахьыҧшызаара армаҷра“ атема иазку адискуссиа ихы алаирхәоит.