Иракли Кобахиӡе - Хәажәкыра 31 рзы аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкыз ареферендум мҩаԥган, иахьа, Қырҭтәыла, ахаан ишыҟамыз еиԥш ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп
Иракли Кобахиӡе - Хәажәкыра 31 рзы аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкыз ареферендум мҩаԥган, иахьа, Қырҭтәыла, ахаан ишыҟамыз еиԥш ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп

«1991 шықәса хәажәкыра 31 ҳтәыла аҭоурых аҿы ихадароу амшқәа иреиуп. Уи аҽны аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкыз иареферендум мҩаԥган, иахьа атәыла актәи ахада Звиад Гамсахәырдиа 86 шықәса ихыҵуазаарын, уи ареферендуми Ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара амши ргәышьҭыхҩы иакәын», –иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, иахьа, Қырҭтәыла, ахаан ишыҟамыз еиԥш ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп.

«1991 шықәса хәажәкыра 31 ҳтәыла аҭоурых аҿы ихадароу амшқәа иреиуп, уи ашьҭахь, мшаԥы 9 рзы Қырҭтәыла ахьыԥшымра рыларҳәан.

Ареферендум рхы аладырхәит 90% иреиҳаны алхыҩцәа, урҭ рҟынтә 99% ахьыԥшымра иадгылеит. Иахьа Қырҭтәыла актәи ахада Звиад Гамсахәырдиа 86 шықәса ихыҵуазаарын. уи ареферендуми Ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара амши ргәышьҭыхҩы иакәын. Ихьӡ ҳаҭыр ақәыҳҵароуп», – иҳәеит аԥыза-министр.

Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, 1991 шықәса рышьҭахь атәылаҿ ԥшьеибашьрак, ҩреволиуциак ҟалеит, иҟан аекономикатә кризисқәа, аха Қырҭтәыла ахатә хьыԥшымра амцәыӡит, уи моу, иаҳа иарӷәӷәеит.

«Иахьа ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз ауаа ҷыдала иаҳгәалаҳаршәароуп. Қырҭтәыла ахьԥшымразы аибашьрақәа раан зхы ақәызҵаз аруаа ҷыдала игәалашәатәуп.

Атәылауаҩ цыԥхьаӡа ари амш рыдысныҳәалоит», – иҳәеит Кобахиӡе.