Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Узбекистан ахада Шавкат Мирзиоев диԥылеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра аинформациала, аиԥылараҿы ирылацәажәеит Қырҭтәылеи Узбекистани ирыбжьоу аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара адинамика бзиа, иара убас, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура арҭбаара аперспективақәа.
Иракли Кобахиӡе Узбекистан ахада жьҭаара 22-23 рзы имҩаԥысраны иҟоу қарҭтәи «Абырфынтә мҩа» аформу ахь дааиԥхьеит.