Иракли Кобахиӡе Узбекистан адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Узбекистан адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Узбекистан адәныҟатәи аусқәа рминистр Бахтиор Саидов диҧылеит. 

Аиҧылараҿы атәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Узбекистани русеицураҿы адинамика бзиа шыҟоу.  

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун аекономика аухскы аҿы атәылақәа русеицура. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Узбекистани рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Мрагылареи Мраҭашәареи еимыздо Абжьаратә корридор арҿиара ахырхарҭала ҩ-тәылак русеицура аҵакы.