Иракли Кобахиӡе - Володимир Зеленскии иҟны аполемика алагара сҭахым, иара аибашьра иҭагылоу атәыла дахагылоуп, убри аҟнытә, иарбанзаалак иара иҟаиҵо аҳәамҭақәа рықәҿыҭра сгәы иҭаӡам
Иракли Кобахиӡе - Володимир Зеленскии иҟны аполемика алагара сҭахым, иара аибашьра иҭагылоу атәыла дахагылоуп, убри аҟнытә, иарбанзаалак иара иҟаиҵо аҳәамҭақәа рықәҿыҭра сгәы иҭаӡам

Адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рганахьала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылақәа рыбжьара аԥхьагылара амоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, Володимир Зеленскии иҟны аполемика алагара иҭахым, иара аибашьра иҭагылоу атәыла дахагылоуп, убри аҟнытә, иарбанзаалак иара иҟаиҵо аҳәамҭақәа рықәҿыҭра игәы иҭаӡам. ЕАР ассамблеиа хадаҿ данықәгылоз Украина ахада Володимир Зеленски иҟаиҵаз иҳәеит “Европаҿы  Қырҭтәыла ҳцәыӡхьеит, уа ауаҩытәыҩса изинқәа рҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Европа Молдовагьы ацәыӡра алшара амаӡам” ҳәа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рганахьала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылақәа рыбжьара аԥхьагылара амоуп.

“Володимир Зеленскии иҟны аполемика алагара сҭахым, иара ибашьра иҭагылоу атәыла дахагылоуп, убри аҟнытә, иарбан иара иҟаиҵо аҳәамҭақәа рықәҿыҭра сгәы иҭаӡам. Адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рганахьала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылақәа рыбжьара аԥхьагылара амоуп”, – иҳәеит Кобахиӡе.