Иракли Кобахиӡе Виктор Орбан иахь - Ҷыдала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иаҳзаашәырҧшуа адгыларазы
Иракли Кобахиӡе Виктор Орбан иахь - Ҷыдала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иаҳзаашәырҧшуа адгыларазы

„Шәтәыла анапхгараҭареи, Венгриеи авенгр жәлари ринтересқәа реиҷаҳареи, Венгриа аҷыдаҟазшьара ахьчареи аганахьала шәара ҳара ҳзы шәҿырҧшыгоуп. Ҳара ҳпринципқәа еиҧшуп, сгәы ишаанаго ала, абри ауп ҳпартниорреи, ҳтәылақәеи ҳаиҳабырақәеи реиҩызареи шьаҭас иамоу.
Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, ҷыдала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп Қырҭтәыла ҕәҕәала шәахьадгыло азыҳәан. Раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы ҳшәаҭабууп. Иара убас, ҷыдала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иаҳзаашәырҧшуа адгыларазы. Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара апроцессаҿ алагала ду ҟашәҵеит, иахьагьы, Евроеидгыла ахырхарҭала ацара анынаҳагӡо, ари адгылара ҳтәылеи ақырҭуа жәлари рзы аҵакы ҷыда амоуп. Қырҭтәылеи Венгриеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура иаҳа арҭбаара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Қырҭтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала, зыҩаӡара ҳараку аполитикатә еизыҟазаашьақәа инрываргыланы, ахәаахәҭра-економикатә аизыҟазаашьақәа рырҭбаарагьы иаҵанакәа рацәоуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ари ахырхарҭала адинамика бзиоуп, аха, аресурсқәа иаҳа ирацәоуп.

„Ари апотенциал инагӡаны ахархәара даараӡа ҳазҿлымҳауп. Ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аусхкытә усеицура арҭбаара ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп. Аусхкқәа зегьы рҿы аусеицура ҳалҿлымҳауп, иаҳҳәап – аенергетика, аимадара, аҧсабарахьчара, ақыҭанхамҩа, аҵара, акультура, азинхьчара, аиустициа, агәабзиарахьчара уҳәа, аусхкқәа зегьы рҿы аусеицура арҭбаара ҳазҿлымҳауп. Убри азыҳәан, ҩ-ганктәи ҳкомиссиа аусхкытә форматқәагьы иҵегьы ирҭбаатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳтәылақәа рыбжьара апартниорра иадҳәалоу азинтә ҭагылазаашьақәа аҿиара иаҿуп, уи даараӡа сеигәырҕьоит, ари ахырхарҭалагьы аусеицура ҳазыхиоуп. Шәара иаҳзаашәырҧшуа адгылара ҕәҕәа ҳтәылазы аҵакы ду амоуп”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.