Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Будапешт иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан диҧылеит.
Ишиашо аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәии аганрацәалатәи форматқәа рҿы аусеицура ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан наҟ-наҟ аусеицура иаҳа арҭбааразы ҩ-тәылак реиҳабырабжьаратә комиссиа аформат аҵакы.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Венгриеи рыбжьара ишьақәгылаз зыҩаӡара ҳараку аполитикатә еизыҟазаашьақәеи ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәеи рырҕәҕәара аганахьала иҟоу аперспективақәагьы ирзааҭгылеит.
Аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчреи аҭышәынтәалареи ирымоу аҵакы ҷыда.
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе венгриатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, атәыла европатәи аинтеграциеи ҕәҕәала адгыларазы.