Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика ахада Ваагн Хачатуриан диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, ЕАР аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәылатәи ареспублика ахада Ваагн Хачатуриан диҧылеит.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ргәыларатә еизыҟазаашьақәеи, рстратегиатә партниорреи, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи, арегионаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи ирылацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы ҷыда. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ари аганахьала акрызҵазкәа шьаҿоуп аҭынчратә аиқәшаҳаҭра иазку аиҿцәажәарақәа рхыркәшара иазкны Шәамахьтәылеи Азербаиџьани еицыҟарҵаз аҳәамҭа. Иракли Кобахиӡе даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла, адиалоги адипломатиатә мҩеи рыла, арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра аиқәыршәара ацхраара ишазыхиоу.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Ҟвривишвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.