Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит.
Адипломат Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы аҭыԥантәи халанапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы анапхгаратә гәыԥ ухы-угәаҿы иаанхо аиааира агара идиныҳәалеит.
Аиԥылараҿ аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Китаии ирыбжьарҵаз астратегиатә аиқәшаҳаҭрала аҿиараҿы иҟоу адинамика бзиа иалацәажәеит. Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе абҵара 5-10 рзы Китаи имҩаԥысран иҟоу аабатәи жәларбжьаратәи аимпорт ацәыргақәҵахь ааԥхьара ииҭеит.