Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Беларустәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Беларустәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  Қырҭтәыла иҟоу Беларустәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Николаи Рогашьук диҧылеит. 

Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Беларуси реизыҟазаашьақәеи, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара адинамикеи, наҟ-наҟтәи аперспективақәеи ирылацәажәеит. Ари аганахьала ҷыдала иалкаан ахәаахәҭра-економикатә усхки  ақыҭанхамҩеи рҿы аусеицура.    

Ацҳаражәҳәаҩ аҧыза-министр ииҭеит аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы аиааира иадҳәаланы Беларус ахада изааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы. 

Аҧыза-министр, Беларус Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иахьадгыло азыҳәан ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.