Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Кыргызстан ацҳаражәҳәаҩ Максат Мамитканов диԥылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Кыргызстан ацҳаражәҳәаҩ Максат Мамитканов диԥылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаԥгаз аиԥылараҿы атәылақәа рыбжьара иҟоу аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟтәи аусеицура аперспективақәеи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәылеи Кыргызстани рыбжьара ҩганктәи ахәаахәҭра адинамика бзиеии, ари ахырхарҭала иҟоу апотенциал инарҭбааны ахархәара аҵак ду шамоу азгәаҭан.
Иара убас, аиԥылараҿы арегионалтә ҵакы змоу апроектқәа Кыргызстан аҽалархәреи, Қырҭтәыла атранзиттә лшарақәеи иазааҭгылеит.