Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан диԥылеит.
Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ирыбжьоу агәыларатә еизыҟазаашьа бзиақәа ирыхәаԥшит. Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәыла аԥыза-министр Абырфынтә мҩа афорум аҿы аҽалархәразы ҭабуп ҳәа иаиҳәеит.
Аԥыза-министрцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭра-економикатә усеицура иазку азҵаарақәеи ари ахырхарҭала Шәамахьтәыла ахәаахәҭратә партниор аҳасабала амоу ароль иазааҭгылеит.