Қырҭтәыла аҧыза-министр Казахстантәи ареспублика ахада диҧылеит. Касим-Жомарт Токаев Иракли Кобахиӡеи аиҳабыра алахәылацәеи идикылеит апрезиденттә аханаҿ.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рыбжьара аполиткиатәи аекономикатә аимадарақәеи, иара убас, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи иалацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан ахәаахәҭратә аикәшара азҳара аганахьала иҟоу адинамика бзиеи, иара убас, наҟ-наҟ аинвестициақәеи атуризм аусхки рҿы аусеицура иаҳа арҭбааразы иҟоу апотенциали. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла атранзиттә роли, аимадара аиқәыршәара алшареи, Абжьаратә корридор арҿиаразы еицырзеиҧшу аҽазышәарақәеи рҵакы.
Аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа, арегионаҿ иҟоу апроблемақәа ирзааҭгылеит. Аҧыза-министр Казахстантәи ареспублика ахада ҭабуп әҳа иеиҳәеит Қырҭәтыла ахьыҧшымреиа ҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.