Иракли Кобахиӡе Израиль ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Иракли Кобахиӡе Израиль ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла здипломатиатә миссиа хзыркәшо Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит. Аиҧырҵратә аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Израили ирыбжьоу ашәышықәсарацәалатә еизыҟазаашьақәеи аиҩызара ҷыдеи.

Аҧыза-министр ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара апроцессаҿ ацҳаражҳәаҩ иҟалҵаз алагала ду азыҳәан ҭабуп ҳәа лаҳәаны, наҟ-наҟтәи лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.

Иара убас, аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун аҵыхәтәантәи аамҭазы Ааигәатә Мрагылараҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа, иаҵшьны иазгәаҭан акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәыршәаразы адипломатиатә ҽазышәарақәа ирымоу аҵакы.