Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Келли Дегнан маӡала илыцклаҧшуазар ҟалап ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Келли Дегнан маӡала илыцклаҧшуазар ҟалап ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан маӡала илыцклаҧшуазар ҟалап ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.

Ажурналистцәа ари атема иадҳәаланы азҵаара анирҭа,  Иракли Кобахиӡе иҳәеит – «уи мцуп, ари аинформациа шиашам здыруеит».

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан маӡала  илыцклаҧшуазар ҟалап.