Иракли Кобахиӡе - Иахьа зыҧсҭазаараҿы аетап ҿыц иалаго аҵаҩцәа зегьы ашкол алгара рыдысныҳәалоит
Иракли Кобахиӡе - Иахьа зыҧсҭазаараҿы аетап ҿыц иалаго аҵаҩцәа зегьы ашкол алгара рыдысныҳәалоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ақәыԥшцәа ашкол алгара рыдиныҳәалеит.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, игыло абиҧара аҧсҭазаараҿы ирҧыло аҧышәа ҿыцқәа ишахәҭоу еиҧш ирԥылоит, атәыла иаҳа еиҕьу аҧеиҧш аиқәыршәараҿы алагала ду ҟарҵоит.

“Иахьа зыҧсҭазаараҿы аетап ҿыц иалаго аҵаҩцәа зегьы ашкол алгара рыдысныҳәалоит.  Аҵыхтәантәи аҵәҵәа ацәанырра бзиақәа ацуп, аха, уи адагьы, аҧеиҧш лаша агәрагара шәнаҭоит. Шәызынтәгьы, гәык-ҧсыкала, аҭынчреи, аҧеиҧш лашеи, шәгәахәтәқәа рынагӡареи, аинтерес зҵоу аҧсҭазаареи шәзеиҕьасшьоит. Агәра ганы сыҟоуп игыло абиҧара аҧсҭазаараҿы ирҧыло аҧышәа ҿыцқәа ишахәҭоу еиҧш ишырҧыло, ҳтәыла иаҳа еиҕьу аҧеиҧш аиқәыршәараҿы алагала ду шыҟарҵо”, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.