Иракли Кобахиӡе - Иахьа Қырҭтәыла 19 000-ҩык иреиҳаны амшынуаа аус руеит, урҭ рхыҧхьаӡара еиҧҟьарада азҳара иаҿуп, убри ала иубарҭоуп ҳуааҧсыра амшынтә азанааҭ иаҳа-иаҳа бзиа ишырбо
Иракли Кобахиӡе - Иахьа Қырҭтәыла 19 000-ҩык иреиҳаны амшынуаа аус руеит, урҭ рхыҧхьаӡара еиҧҟьарада азҳара иаҿуп, убри ала иубарҭоуп ҳуааҧсыра амшынтә азанааҭ иаҳа-иаҳа бзиа ишырбо

Иахьа Қырҭтәыла 19 000-ҩык иреиҳаны амшынуаа аус руеит, урҭ рхыҧхьаӡара еиҧҟьарада азҳара иаҿуп, убри ала иубарҭоуп ҳуааҧсыра амшынтә азанааҭ иаҳа-иаҳа бзиа ишырбо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Баҭым, Амшынуаа жәларбжьаратәи рымш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы, жәларбжьаратәи аҕбаныҟәареи, адунеи аекономикеи ауаажәларреи рырҿиареи рҿы амшынуаа иҟарҵо ауникалтә алагала азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, атәыла зегьы ақырҭуа амшынуаа ирызгәдууп. 

„Амшынуаа Қырҭәтыла ироуа асертификатқәа Евроеидгылеи адунеи 50 иреиҳаны атәылақәеи рҿы иазхаҵоуп. Уи жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны ақырҭуа амшынуаҩ ипрофессионализм азхаҵароуп, аус бзиа ишибо, игәра угаратәы дшыҟоу азхаҵароуп иаанаго. 

Ҳамшынуаа Қырҭтәыла аекономикаҿы алагала ду ҟарҵоит. Абри алагала аҧхьаӡарашҟа иаагар, есышықәса  200 миллион адоллар аҟара иалҵуеит. Абарҭ аминуҭқәа рзгьы зқьҩыла ақырҭуа амшынуаа адунеи еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы қәнагарала Қырҭәтыла ахьӡ ныҟәыргоит. 

Ақырҭуа амшынуаа рмыхәыбзазареи, ирыхәҭоу аусуратә ҭагылазаашьақәеи  аҧсҭазаашьеи рзеиқәыршәареи ҳҳәынҭқарразы ахадаратә ҵакы змоу  аҳасабтәқәа иреиуп.  Уи шьақәнарҕәҕәоит Жәларбжьаратәи амшынтә усура аконвенциа аҽалархәра афактгьы, амшынуаа рзинқәа рыхьчара иазку ари аконвенциа  жәабран инаркны амч аиуит”, – иҳәеит аҧыза-министр.