Иракли Кобахиӡе - Финландиа адәныҟатәи аусқәа рминистр адҵа лыман - Қырҭтәыла ареволиуциатә процесс адгылара
Финландиа адәныҟатәи аусқәа рминистр адҵа лыман – Қырҭтәыла ареволиуциатә процесс адгылара, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза- рминистр Иракли Кобахиӡе Актәи аканал аинтервиу аҿы.
Аԥыза-министр иажәақәа рыла, угәы ԥызжәаша фактуп Европатәи абиурократиа Баиа Патараиа лыҩаӡаранӡа иахьылаҟәуз.
“Баиа Патараиа леиԥш ари аԥҳәысгьы адҵа лырҭеит. Урҭ рыбжьара еиԥшымзааракгьы ыҟам. Угәы ԥызжәаша фактуп Европатәи абиурократиа Баиа Патараиа лыҩаӡаранӡа иахьылаҟәуз. Ари даара илахьеиқәҵагоуп. Лара ахьымӡӷ лгеит – 50-ҩык рыла ишьақәгылаз изакәанымыз акциа далахәын. Амц аҳәара лықәшәеит – ауаа еизоит, Финлиандиа абираҟқәа ркуп ҳәа. Баиа Патараиа лаҵкьыс илаҟәу аҩаӡара. Саломе Зурабишвили лаҵкьыс илаҟәу аҩаӡара. Абри ауп иахьатәи европатәи абиурократиа асахьа”, – иҳәеит Кобахиӡе.